|
Аԥсны ижәытәӡатәиу аамҭазы Аԥсны аҭоурых азқьышықәсақәа иргәылсны иаауеит. Аратәи адгьыл ԥсылақәа рҟны ауаа ақәынхара иалагеит 35 нызықь шықәса уажәаԥхьа, ихьшәоу апалеолит аамҭазы. Иахьазы идыруп 12-7-тәи азқьышықәсақәа ирыҵркуа амезолит аамҭазтәи ауаа рынхарҭақәа. Усҟан ауаа аҳаԥқәа рҿы инхон, аӡиасқәа иахьырзааигәаз анхарҭа ҭыԥқәа алырхуан, аԥсыӡ ркуан, амазеиҟәшәара иаҿын. Ари азы шаҳаҭра руеит рынхарҭақәа ахьыҟаз аҭыԥқәа рҿы ирыԥшааз аџыққәеи аԥсыӡ абаҩқәеи. Анеолит аамҭазы (VI-IV-тәи азқьышықәсақәа ҳера ҟалаанӡа) ицәырҵуеит анышәаԥшь иалху раԥхьаӡатәи ачысмаҭәа. Иара усҟан ауп ауаа рынхарҭақәа рыргылареи, адгьыл ақәаарыхреи ианрылагазгьы. III-IV-тәи азқьышықәсақәа раан Аԥсны иқәынхоз ауаа абҩа рхы иадырхәо иалагеит, уи анаҩс аџьаз арҭәашьагьы рҵеит. III азқьышықәса анҵәамҭазы II-тәи алагамҭазы адольментә культура цәырҵит. Ахаҳә иалхыз аҳаҭгәынқәа – адольменқәа – иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп, Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иаҳԥылоит. Зегьы иреиҳау ахыԥхьаӡара Оҭҳара ақыҭаҿы иҟоуп: уа иԥшаан 15 дольмен, 60 инаркны 110 тонн рҟынӡа зыкапан наӡо аҳаҭгәынқәа. Ихьшәоу аџьаз аамҭахь иаҵанакуа аҳаҭгәынқәа рҿы археологцәа ирыԥшааит аџьаз иалху аихақәа, еиуеиԥшым арԥшӡагақәа, акерамика. Раԥхьатәи ақалақьқәа Ҳера ҟалаанӡа VIII-тәи ашәышықәсазы аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа ахьықәынхоз Амшын Еқәа аҿықәахь иқәнагало иалагеит абырзенцәа. Араҟа VI-I ашәышықәсақәа рзы урҭ идырглылеит раԥхьаӡатәи ақалақьқәа: Диоскуриа (иахьатәи Аҟәа), Питиунт (Пицунда), Триглит (Гагра), Гиуенос (Очамчыра). Хара имгакәа ақалақь-колониақәа рҟны ахәаахәҭра ҿио иалагеит, еиуеиԥшым азанааҭқәа цәырҵит. Диоскуриада Абырзенцәа Диоскуриада ҳәа зыхьӡырҵаз ақалақь аҭыԥаны Аҟәа ҳәа еиҳа ижәытәтәиу ахьӡ аман. Уи азы шаҳатра ауеит ҳера ҟалаанӡа 90-80-тәи ашықәсқәа раан иҟаҵаз ахьтәы абазқәа рҿы иану аҩыра «Акои» (Аҟуа), дара ҟаҵан фракиатәи аҳ Лисимах истатерқәа ирҿырԥшны. Баграт иаҳҭынра ҳәа иахьа Аҟәа азааигәара иҟоу уаанӡа Агәа (Аҟәа) аҳҭынра ҳәа иашьҭан. Ҳера ҟалаанӡа VI-V-тәи ашәышықәсақәа рзы абырзенцәеи аҭыԥантәи атәылауааи хаз-хазы инхон, ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рыбжьан ауп акәымзар. Аха ишнеиуаз аеллинтә епохаан (IV-III-тәи ашәышықәсақәа ҳера ҟалаанӡа) Диоскуриада ауааԥсыра еилаӡҩеит. Ҳера аныҟала I–тәи ашәышықәсазы абырзенцәа рҭыԥаны Аԥсныҟа иқәнагало иалагеит аурымцәа, ари ҟалеит аимператор Август Октавиан ихааны. Усҟан Диоскуриада ахьӡ ԥсахын Себастополис ҳәа. Абас ала Аҟәа аҭоурых аҟны иалагеит VII-тәи ашәышықәсанӡа инаӡаз аурымтә-византиатә период. Ақьырсианра Аухәаматә шәҟәҩыра излаҳәо ала, 55-тәи ашықәсазы ақьырсианра аларҵәаразы Аԥсны иааны иҟан Иаса Қьырса иҵаҩцәа – апостолцәа Симон Канатәии Андреи Ԥхьанаԥхьаҩи. Симон Канатәи Ԥсырӡха аӡиас ахықәаны аԥсра идикылеит, иара уаҟагьы анышә дамадоуп. Аԥсны ақьырсианра динк аҳасабала иалало иалагеит ақалақьқәа Питиунт, Себастополис, Зиганис (Очамчыра араион) иахыргаз аурымтәи асолдатцәа (500-ҩык рҟынӡа) ирыбзоураны. IV-тәи ашәышықәса алагамҭазы Питиунт ишьақәгылеит Кавказ зегь реиҳа ижәытәтәиу ақьырсиантә еилазаара. 325 шықәсазы Питиунттәи аепископ Стратофил далахәын Никеиа имҩаԥысуаз Раԥхьаӡатәи ақьырсиантә еизара ду. VI-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аԥсны Византиатәи аимпериа анапаҵаҟа иҟалеит. Уи аамҭазы аԥсуа хылҵшьҭрақәа: аԥсилааи, абазгааи, мсымааи рҽеидыркыло иалагеит, хәыҷы-хәыҷла ишьақәгылон афеодалтә еизыҟазаашьақәа. Ари апроцесс амҩаԥысра иацхрааит 548 шықәсазы динк аҳасабала ақьырсианра адкылара. VII-тәи ашәышықәсазы аԥсилааи, абазгааи, мсымааи рыдгьылқәа Византиатәи аимпериа иахәҭакны иҟан. VII-тәи ашәышықәса алагамҭазы Анаҟәаԥиатәи ахырӷәӷәарҭа ргылан, усҟантәи аамҭазы Амшын Еиқәа Кавказтәи аԥшаҳәа иахьаҵанакуа зегь реиҳа идууз хырӷәӷәарҭан иара. Анаҟәаԥиатәи аибашьра VII-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Мрташәаратәи Кавказ рымпыҵархаларц арахь иааит арабцәа. Аԥсилаа рыдгьылқәа рҟны рырхәҭақәа ааины игылеит. 738 шықәсазы Мерван Лашәы (Мерван Кру) напхгара зиҭоз арабцәа рыр аԥсилаа ирабашьит, ақалақь Цхум рыбганы, Анаҟәаԥианӡа инаӡеит. Анаҟәаԥиа рыхьчон ҩ-нызқьҩык абазгааи Қарҭли аҳцәа Мири Арчили ирыцны абазгаа рҿы ахыхьчаразы иааиз ақарҭлиицәа зқьҩыки. Абазгаа раҳ Леон актәи уи аамҭазы ацхыраара даҳәарц азы аланаа рахь дыҟан. Мерван Кру ир хыԥхьаӡарала акырынтә еиҳан Анаҟәаԥиа ахьчаҩцәа раасҭа. Аха Анаҟәаԥиа аҭыӡқәа даара иӷәӷәан, уи аладатәи аҭӡы 450 м инаӡон, 30-50 м рыбжьаҵаны абаашқәа ахагылан. Аҭӡыи абаашқәеи ирхагылан аӷа ахыцқәеи ахаҳәқәеи игәыдызҵоз аибашьыгатә хархәагақәа, акатапультақәа. Абааш гьежь ашьҭахьала агәашәқәа иҿаз бзианы ирыхьчон. Абаашқәа дара-дара еимадан, урҭ ирҿаз агәашә хәыҷқәа рыла ахьчаҩцәа ԥшыхәра ицәырҵуан. Аха Анаҟәаԥиа агаразы арабцәа ашьаарцәыратә еибашьра рзыҟамҵеит. XI–тәи ашәышықәсазтәи ақырҭуа ҭоурыхҭҵааҩы Џьуаншер излааицҳауа ала «Анцәа асарацинцәа ашоура бааԥс рзааиган, аҿкы чымазара рылалеит». Арабцәа реиҳараҩӡак ачымазара иахҟьаны инҵәеит, абазгаа рхырӷәӷәарҭа шырыхьчац ирыхьчон. Мерван дхьаҵыр акәхеит. Аԥсуа аҳра VIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы ишьақәгылеит заатәи афеодалтә ҳәынҭқарра – Аԥсуа аҳра. Аҳра аҳәаақәа наӡон Ҭҟәаԥс инаркны Сурамтәи ашьхахыҵырҭанӡа. XI-тәи ашәышықәсазтәи Қырҭтәылатәи ахыҵхырҭаҿы ари аҭоурыхтә хҭыс абас иарбоуп: «Абырзенцәа рымч анмаҷха, Аԥсны аҳра азызуаз Леуан аҩбатәи урҭ дрыцрыҵит (уаанӡа аҳра зуаз Леуан иаҳәшьаԥа иакәын). Леуан аҩбатәи аҳазарцәа раҳ имаҭа иакәын, убри аҟнытә ианшьцәа аҳазарцәа рымч дақәгәыӷны абырзенцәа дрыцрыҵын, Аԥсны аҳ (аԥсҳа) хәа ахьӡ ихыиҵеит». Аԥсуа аҳра усҟангьы «жәларбжьаратәи азхаҵара» аиухьан, аԥсҳа Леуан Аԥсны аҳҭнықалақь Анаҟәаԥиантәи Қәҭешьҟа ииаигеит. Аԥсуа аҳра ахьынӡаҟаз ибзианы иҿион аекономкиа, акультура, аргылара: усҟан аухәамақәеи аханқәеи рацәаны иргылан. Аԥсуа аҳра 200 шықәса анҵыра аман, уи кәадахо иалагеит ахшаа дызмамыз аҳ Феодоси Алашә иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь. Анаҩс Аԥсныи Қырҭтәылеи еицырзеиԥшу аҳәынҭқарра аԥырҵеит. XIII-тәи ашәышықәсазы аԥсуааи ақырҭцәеи рҳәынҭқарра хазы иҟоу аҳрақәа рыла еиҟәшахо иалагеит. Агенуезцәа Аԥсныҟа раара XIII-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Аԥсны аԥшаҳәахьы икәнагалоит Генуезтәи ахәаахәҭартә ӷбақәа. Агенуезцәа рхәаахәҭырҭатә еиланхарҭақәа цәырҵуеит Аԥсны аҭыԥқәа жәпакы рҿы: Какари (иахьатәи Гагра), Пецонда (иахьатәи Пицунда), Каво ди Буксо (иахьатәи Гәдоуҭа), Никоффа (иахьатәи Афон ҿыц), Севастополис ма Сан-Себастиан (иахьатәи Аҟәа), Каво Зизибар (Аӡҩыбжьа азааигәара), Сан-Томмазо (иахьатәи Ҭамышь) уҳәа уб. иҵ. Агенуезцәа реиланхарҭақәа зегьы ирхадаран Севастополис: араҟа акәын Кавказ иааны иҟаз италиаа реиҳабы итәарҭа алхны иахьимаз. Агенуезцәа еиҳараӡак изҿыз хәаахәҭран, тауар хадас иҟазгьы абырфын акәын. Абырфын Мрагыларантәи Амшын Еиқәа абаӷәазақәа рыла Мраҭашәаратә Европаҟа идәықәырҵон. Аԥсны иалсны ицон Ахьтәи Ордеи Генуеи еимаздоз Абырфынтә мҩаду кавказтәи амҩақәа хԥа. Аԥсны аҳреи Ҭырқәтәылеи XV-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы аҭырқәцәа Константинополь анырга ашьҭахь, арахь иӡхыҵуа иалагеит. Уи анаҩс дук мырҵыкәа агенуезцәа Аԥсны аанрыжьит. Усҟан Аԥсны аҳра руан аԥсуа ҭауадцәа Чачаа (Шервашиӡе), урҭ ирҭахын агыруа феодалцәа рҟынтә ахы ақәиҭхара. Абри азы аԥсуааи агырцәеи 30 шықәса еибашьуан. Аҵыхәтәан аибашьра анеилга аԥсуааи ақырҭцәеи ҳәаас ирыбжьарҵеит аӡиас Егры, абар шьҭа 300 шықәса ирықәуп ари аҳәаа ԥсахрада иҟоуижьҭеи. XVII-тәи ашәышықәсазы аҭырқәцәа амшын аганахьала Севастполис иакәшеит. Аԥсуа ҭауадцәа (афеодалцәа) аҭырқәцәа аԥара рызшәара иақәшаҳаҭхар акәхеит. 1634 шықәсазы аҭыркәа десант Кәыдры азааигәара иӡхыҵын, ауаа дырҳәит, рынхарҭақәа рыблит, аҭыԥантәи афеодалцәа ашәахтәқәа рықәырҵеит. 1724 шықәсазы аҭырқәцәа Севастополис аҿықәаҿы абаа дыргылеит, иагьахьӡырҵеит Сухум-кале. Ашьҭахь иара ақалақь ахаҭагьы ус иахьыӡхо иалагеит. Османтәи аимпериа политикалеи економикалеи адҳәалазаара иабзоураны Аԥсныҟа хәыҷы-ҳәыҷла амсылманра алаҵәо иалагеит. XVIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭа инаркны Қьалышьбеи Чачба иаҳра аамҭаан Аԥсуа аҳра ҩаԥхьа аҽарӷәӷәо иалагеит, уимоу Анаԥеи Баҭыми рыбжьара Амшын Еиқәа ихын аԥсуаа рыԥшыхәратә ӷбақәа рацәаны. Аԥсны Урыстәыла иадлеит XIX-тәи ашәышықәсазы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи Амшын Еиқәа кавказтәи агаҿа еимакны еибашьуан. 1810 шықәса ԥхынгәымзазы аурысцәа Сухум-кале ахырӷәӷәарҭа ргеит. 1810 шықәсазы Аԥсны Урыстәыла иадлеит. Иара уи ашықәсазы 5 нызқьҩык аԥсуаа Ҭырқәтәылаҟа иӡхыҵит. Ари XIX-тәи ашәышықәсазы амҳаџьырра раԥхьатәи ацәқәырԥас иԥхьаӡоуп. Аԥсуа аҳра, Қырҭтәыла еиԥш акәымкәа, Урыстәыла ианадла ашьҭахьгьы ҳәынҭқаррак аҳасабала ахҳәаақәҵара ацәымӡӡеит. 1810 шықәса инаркны 1864 шықәсанӡа Аԥсуа аҳра автономтә напхгараҭара шамац иаанхон, егьырҭ кавказтәи атәылақәа ари аҟара ахақәиҭра рыздыруамызт. 1864 шықәсазы Аԥсуа аҳра аԥыхын, иагьахьыӡҵан Урыстәылатәи аимпериа Аҟәатәи арратә ҟәша ҳәа. Ари ҟалаанӡа Кавказ иҟаз Урыстәыла ахаҭарнак Михаил Романов Амшын Еиқәа мрагыларатәи аԥшаҳәа агаразы аплан ҭихит. Александр II аӡиас Ҟубина инаркны Егрынӡа аказакцәа нхаларц азин ҟаиҵеит. Усҟантәи аамҭазы аубыхцәеи (45 нызқьҩык) асаӡқәеи (20 нызқьҩык) рыдгьылқәа ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа иахырцахьан. Амҳаџьырреи аԥсуаа «ахара» рыдҵареи 1866 шықәсазы Лыхны ақыҭан иҵысыз ақәгылара Аҟәанӡа инаӡеит. Ақәгылара ихадоу мзызс иазыҟалеит Урыстәыла атәратә реформа анагӡара азырхиара. Аԥсны атәратә еизыҟазаашьақәа цәырҵрак аҳасабала џьаргьы иуԥыломызт, Урыстәылеи, Қырҭтәылеи, Гыртәылеи рыҟнеиԥш. Аԥсуа жәлар рықәгылара аныршьаҽ ашьҭахь, аԥсуаа рабџьар рымырхит, арепрессиақәа ҟало иалагеит. Аҳратәра амчрақәа ақәгылара иалахәыз ауаа ахьҭакреи амлакреи ахьыҟаз Сибраҟа иахыргон. 1867 шықәса мшыԥымзеи лаҵарамзеи рыбжьара Ҭырқәтәылаҟа ихҵәеит даҽа 20 нызықьҩык аԥсуаа. 1877-1878 шықәсазтәи Аурыс-аҭырқәа еибашьраан аԥсуаа аҭырқәцәа иахьрыдгылаз азы аполитикатә репрессиақәа еиҭахацдыркит. Аԥсуа жәлар ахара рыдҵан, Урыстәыла ихараӡоу аҭыԥқәа рахь иахыргон. 1877 шықәсазы амҳаџьырра реиҳа амҽхак ҭбааӡаны имҩаԥысит, ауааԥсыра мчыла Ҭырқәтәылаҟа иахыргон. Рыԥсадгьыл аанрыжьыр акәхеит 50 нызқьҩык аԥсуаа. Аԥсуа дгьылқәа ҭацәит. Аха рацәак аамҭа мгакәа араҟа индырхо иалагеит егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа, еиҳаракгьы ақырҭцәа (агырцәа), иара убас аурысцәа, абырзенцәа, аерманцәа, аболгарцәа, аестонцәа, анемеццәа. 1866 шықәсазы Аԥсны ауааԥсыра зегьы рҟынтә аԥсуаа 85,7% шьақәдыргылозҭгьы, 1897 шықәсазы 55,3% роуп иаанхаз. Аԥсны Асовет мчра аагара XIX-тәи шәышықәса аҩбатәи азбжазы Аԥсны аҩнуҵҟатә ауаажәларратә еиҿкаашьала аешьаратә адыга-убых жәларқәа ирзааигәан. Урыстәылатәи аимпериа анхабгала ашьҭахь Аԥсны Еиду кавказтәи ажәларқәа реилазаареи Алада-Мрагыларатәи аилазаареи ирылалеит. Абҵарамза 8 1917 шықәсазы аԥсуа жәлар реизара аҿы иалхын раԥхьаӡатәи апарламент – Аԥсуа Жәлар Рхеилак, уи иаднакылеит аԥсуа жәлар Рконституциеи Адекларациеи. Хәажәкыра 4 1921 шықәсазы Аԥсны Асовет мчра шьақәыргылан, Аԥсны Советтә Социалисттә Республиканы ахьӡ рылаҳәан. Аха 1931 шықәса жәабран 19 рзы Қарҭ иӡбан Аԥснытәи Асоветтә Социалисттә Республика автономтә статус аҭаны Қырҭтәыла иалаларц. Убри арыцхә инаркны иалагеит ҳҭоурых аҿы иуадаҩӡаз аамҭа: аԥсуаа милаҭк аҳасабала иҵызшәаауаз аусмҩаԥгатәқәа реиҳарак убасҟан имҩаԥысуан, иреиӷьыз Аԥсны аҵеицәа рырӡра, аԥсуа школқәа раркра, аԥсшәа аҳәара азин аҟамзаара – абарҭқәа зегьы ирхысыр акәхеит уаанӡагьы гәаҟра згымыз аԥсуа жәлар. Маҷк аԥсеивгара ҟалеит 50-тәи ашықәсқәа раан, аха уи ашьҭахьгьы ес-жәашықәса аԥсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара шьҭыҵуан. Аԥсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара Асовет Еидгыла ахабгалара маҷк шагыз уи иалаз ареспубликақәа зегьы рҿы амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара шьҭыҵуа иалагеит. Аԥсуаа рҳәынҭқарра иамаз административтә статус аҳаракразы иқәԥон. Уи аамҭазы Қырҭтәыла апарламент Аԥсны хазы ҳәынҭқаррак аҳасабала аҟазааразы иамаз азинқәеи алшарақәеи ҵнашәаауан. Аԥсныи Қырҭтәылеи ирыбжьалаз азинтә еилагарақәа раԥырҟәҟәааразы ԥхынгәы 23 1993 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аӡбарала Аԥсны 1925 шықәсазтәи Аконституциахь игьежьит, иагьрыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Агерби Абираҟи. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Нанҳәамза 14 1992 шықәсазы ааигәа ООН иалалаз Қырҭтәыла бџьаршьҭыхла Аԥсны иақәлеит. Қырҭтәылатәи арбџьармчқәа – авиациа, акәылӡтәы техника, артиллериа уҳәа рыцырхырааны Аԥсны аҵакырадгьыл хәҭак ааныркылеит. Аԥсны иқәынхоз ажәларқәа рышьра анаҩсгьы – еиҳау хлымӡаахс иҟоузеи! – ара имҩаԥысуан акультуратә геноцидгьы. Иблын Аҭҵаарадырратә институт Аҳәынҭқарратә архив, уа иҟаз хәы змамыз аҭоурыхтә документқәа, алингвистикатә материалқәа, ашәҟәқәа, анапылаҩырақәа зегьы блит. Аибашьраан ааха ӷәӷәа роуит акультуратә, аҭоурыхтә баҟақәагьы. Цәыббрамза 30 1993шықәсазы Аԥсны ахы иақәиҭтәын. Аиааира аагара мариамхеит – 3 нызқьҩык рҟынӡа аҵеицәа Аԥсны ахақәиҭтәреи ахьыԥшымреи рхы ақәырҵеит. Аԥсуаа ирывагыланы ирыцеибашьуан Нхыҵ Кавказынтәи аешьаратә жәларқәа, аурысцәа, егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьа Абҵара 26 1994 шықәсазы Аԥсны Апарламент иаднакылеит Аконституциа ҿыц. Раԥхьатәи Аҳәынҭқарра Ахадас далхын Аԥсны жәлар рԥыза Владислав Григори-иԥа Арӡынба. 1994 шықәса ԥхынҷкәын мза инаркны 1999 шықәса цәыббрамзанӡа Аԥсны жәлар аекономикатәи, аполитикатәи, аинформациатәи блокадақәа ирҭакын. Аха аибашьра ашьҭахь егьа уадаҩра ҟалазаргьы аиааира згаз Аԥсны жәлар ркультура, рекономика, рҵарадырра, акурорттә сфера уҳәа хәыҷы-хәыҷла еиҭаҿио иалагеит. 1999 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны жәлар зегьы злахәыз ареферендум аҟны Аҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыԥшымреи амазарц шырҭаху азы агәаҳәара аадырԥшит, иагьрыдыркылеит уи азы иахәҭоу аҳәынҭқарратә акт. Нанҳәамза 26 2008 шықәсазы Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит. 2008 шықәсазы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеит иара убас Никарагуеи Венесуелеи, 2009 шықәсазы – Науру, 2011 шықәсазы – адгьылбжьахатә ҳәынҭқаррақәа Вануату, Тувалу. |
Аԥсны иазкныАминистрраАдәныҟатәи аполитикаАконсултә дырраҭараАналитика |
АԥСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСКӘА РМИНИСТРРА | E-mail: info@mfaapsny.org; Tel: +7 (840) 226-70-69; Adress:. Lakoba, 21 |