|
Агерб
Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә герб зну хыхьла-ҵаҟала еиҟароу ҩ-хәҭакны ишоуп, ахәҭақәа руак - ҧшшәыла ишкәакәоуп, егьи – иаҵәоуп. Агерб ацәаареии асиужеттә еиҿартәышьеи - хьыҧшшәалоуп. Агерб аҵаҟатәи ахәҭаҟны аа-кәакьк змоу аеҵәа ануп. Хыхьтәи ахәҭа аҟны иануп ҩ-еҵәа хьыҧшшәалак. Агерб агәҭаны – аеҵәақәа рахь ахҿа зышьҭуа аҽуаҩ, алакә ҽы – Арашь дақәтәан, дануп. Агерб асиужет Нарҭаа репос иадҳәалоуп. Агерб аҧшшәахәы иаҵәа символра азнауеит аҿареи аҧсҭазаареи, ашкәакәа – адоуҳара. Аа-кәакьҭак змоу аеҵәа ду, ари аиҭеира асолиартә дыргоуп. Аеҵәа хәыҷқәа Мраҭашәареи Мрагылареи ркультурақәа реизакзра символра рзыруеит. Абираҟ Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа - ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп. Аура ахы-аҵыхәа аиаҵәа ҧшшәи ашкәакәа ҧшшәи рыла зҽеиҭнызыҧсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ҧшьба иаҵәоуп, хҧа – шкәакәоуп. Хыхьла ацәаҳәақәа алагоит иаҵәа ҧшшәыла. Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа, Аҧсны злахәылаз Ашьхаруатә республика (1918ш.) абираҟ аелементқәа ируакуп. Аиаҵәа ҧшшәы аҧсҭазаара иасимволуп. Ашкәакәа – атәыла ҧхьаҟатәи аҧеҧш. Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ иануп ҧшшәахәыла иҟаҧшьу аҧшьыркца иаша, абираҟ аураҟынтәи 0,38, аҭбаараҟынтә х-цәаҳәаки иҟоу ахышәа-ҵышәала. Аҧшьыркца агәҭаны иарбоуп иаарту амаҿа шкәакәа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп – хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба. Иаарту анапи аеҵәа шкәакәақәа быжьбеи Аҧсуа ҳәынҭқарра (7-10 ашә.) абираҟ иаҿырҧшуп. Аҟаҧшь – ари арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту амаҿа – аҭынчреи, агәаартреи асасдкылареи ирсимволуп. Аҧшшәахәы ҟаҧшь аҟны иаарту анапы шкәакәа ари – Аҧсуа аҳра аан аиҿкаара зауз, 12 шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа, аҧсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Анапы ахахьы иану хә-кәакьҭак змоу абыжь еҵәак Аҧсны аҭоурых дгьылқәа быжьба ирдыргоуп: Саӡтәыла (Џьигетиа), Бзыҧ, Гәыма, Абжьуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ҧсҳәы-Аибҕа. Дара ирыҵаркуан аҧсуаа ретникатә ҵакырадгьыл: аӡиас Хәасҭа (аубыхцәа рҳәаа ) инаркны аӡиас Егры (агырцәа рҳәаа) аҟынӡеи Амшын Еиқәа аҟынтәи Кавказтәи ашьхақәа рҟынӡеи. Агимн
|
Аԥсны иазкныАминистрраАдәныҟатәи аполитикаАконсултә дырраҭараАналитика |
АԥСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСКӘА РМИНИСТРРА | E-mail: info@mfaapsny.org; Tel: +7 (840) 226-70-69; Adress:. Lakoba, 21 |