|
![]() Цәыббра 9, 2016 шықәсазы ақалақь Гал аҟны имҩаԥысит аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) ирызку аиԥылараАиԥылараҿы ирылацәажәан иакымкәа азҵаарақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп лаҵара 19, 2016 шықәсазы, агәаҭаратә-хыжьратә ҭыԥ «Набакиа» иахьаҵанакуа, Баҭаигәара ақыҭаҿы Гигла Оҭхозориа ишьра, жәабран 3, 2007 шықәсазы ақалақь Гал иҟалаз араионтә алхратә комиссиа аиҳабы Давид Сигуа иӷьычра, жьҭаара 22, 2008 шықәсазы ахыхьчара аминистрра аррамаҵуҩы аподполковник Едуард Еминзадзе ишьра, 2011 шықәса ԥхынҷкәын 29 рзы Вальмер Быҭәбеи Ҭамаз Кәакәасқьырии рышьра, аҭыԥантәи аҭагылазаашьақәа рыхҳәаа. Аганқәа аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩасларц еибырҳәеит. Аганқәа аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) азҵаарала анаҩстәи реиԥылара жьҭаара 19 2016 шықәсазы имҩасуеит ҳәа еибырҳәеит. Аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) ирызку ҩажәи зежәтәи аиԥылара напхгара азиуит Аԥсны Аҳәынҭқарра АШәМ (СГБ) Галтәи араионтә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Шергелиа. Аԥсуа гәыԥ иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра АШәМ (СГБ) аппарат хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Колбаиа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Галтәи араионтә ҟәша аиҳабы Гиа Чачхиани, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациатә ҟәша аиҳабы Ҭенгиз Ҭарба. |
Аԥсны иазкныАминистрраАдәныҟатәи аполитикаАконсултә дырраҭараАналитика |
АԥСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСКӘА РМИНИСТРРА | E-mail: info@mfaapsny.org; Tel: +7 (840) 226-70-69; Adress:. Lakoba, 21 |