|
![]() Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев Даур Ақаҩба дидныҳәалеитАԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу азиннагӡа змоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Даур Ақаҩба дидныҳәалеит Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иаҳәоит: «Ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭо Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи, хаҭала сареи ҳахьӡала ишәыдысныҳәаларц сҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҳәа шәыҟалара. Аԥсуа дипломатцәа ҿарацәа ируаӡәку шәара, ииашаны шәнапы ианырҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрс аҟалара. Агәра згоит шәпрофессионализм ду, шәдырра ҭбаақәа, шәԥышәа, аминистрра аколлектив ишәырҭо адгылара ишалдыршо адәныҟаполитикатә усҳәарҭа ԥхьаҟатәи аҿиара. Ҳаҭыр зқәу Даур Вадим-иԥа, исҭахуп ишәзеиӷьасшьарц агәабзиара, аманшәалара, ақәҿиарақәа». |
Аԥсны иазкныАминистрраАдәныҟатәи аполитикаАконсултә дырраҭараАналитика |
АԥСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСКӘА РМИНИСТРРА | E-mail: info@mfaapsny.org; Tel: +7 (840) 226-70-69; Adress:. Lakoba, 21 |