|
![]() «Жәларбжьаратәи афонд «Аԥсны» Ахада Сонер Гогәуа адныҳәалара ҟаиҵеит«Жәларбжьаратәи афонд «Аԥсны» Ахада Сонер Гогәуа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба имаҵура ҿыц идиныҳәалеит. Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иаҳәоит: «Ҳаҭыр зқәу Даур Вадим-иԥа! Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд «Аԥсны» ахьӡала алшара сышәҭ, аҭакԥхықәра ду зцу амаҵзура ҿыц напхгаҩыс шәахьалырхыз шәыдысныҳәаларц. Ҳара агәра аагоит, ишәымоу аԥышәа шәусура уасхырс ишаиуа, ҳҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбараҟны ҳажәҩахыр еибыҭаны аусеицура шҳалшо. Шәнапы злаку шәусқәа рҟны ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа, аманшәалара!» |
Аԥсны иазкныАминистрраАдәныҟатәи аполитикаАконсултә дырраҭараАналитика |
АԥСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСКӘА РМИНИСТРРА | E-mail: info@mfaapsny.org; Tel: +7 (840) 226-70-69; Adress:. Lakoba, 21 |