aps | rus | eng | tur | de | it | ar | esp | fr


Аԥсны Аҳәынҭқарра
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра

Аимадаратә информациа:
Аҭыӡҭыԥ: 384900 Лакоба имҩа 21, ақ. Аҟәа
+7 940 996 39 48 (амоб.)
+7 840 226 39 48 (аус.)
E-mail: visa@mfaapsny.org


Гал ақалақь аҟны имҩаԥысит изаамҭанытәиу, 47-тәи аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм алахәылацәа реиԥылара
Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Даур Ақаҩбеи Витали Игнатиеви реиҧылара мҩаҧысит

Даур Ақаҩба Луис Альберто Молина Куадра адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит 09.02.2017

Даур Ақаҩба Луис Альберто Молина Куадра адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Никарагуа Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Луис Альберто Молина Куадра имшира инадҳәаланы адныҳәаларатә нота изишьҭит.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Шәара шәаҳаракыра!

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ҳаҭыр ду шәықәырҵоит аԥсуа-никарагуантәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара активла шәхы ахьалашәырхәуазы. Шәара шәҟазара адунеижәларбжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иацхраауеит. Ҳара аԥхарра ду аҵаны иаҳгәалаҳаршәоит 2013 шықәса рзы Аԥсны шәыҟазаареи аԥснытәи аделегациа Никарагуа Апрезидент Хосе Даниэля Ортеги Сааведра иинаугурациа ралахәраан ҷыдала иҳақәышәҵаз аҳаҭыр дуи. Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиара дуқәа, агәабзиара».


Возврат к списку



Аԥсны иазкны

Аминистрра

Адәныҟатәи аполитика

Аконсултә дырраҭара

Аналитика

Разработка сайта: ait
АԥСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСКӘА РМИНИСТРРА E-mail: info@mfaapsny.org; Tel: +7 (840) 226-70-69; Adress:. Lakoba, 21