aps | rus | eng | tur | de | it | ar | esp | fr


Аԥсны Аҳәынҭқарра
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра

Аимадаратә информациа:
Аҭыӡҭыԥ: 384900 Лакоба имҩа 21, ақ. Аҟәа
+7 940 996 39 48 (амоб.)
+7 840 226 39 48 (аус.)
E-mail: visa@mfaapsny.org


Гал ақалақь аҟны имҩаԥысит изаамҭанытәиу, 47-тәи аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм алахәылацәа реиԥылара
Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Даур Ақаҩбеи Витали Игнатиеви реиҧылара мҩаҧысит

Аԥсуа-аурыс консультациақәа 19.06.2017

Аԥсуа-аурыс консультациақәа

Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыдәныҟаполитикатә механизм акоординациа амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны изаамҭанытәиу аконсультациақәа.

Аԥснытәи Аган ахьӡала аконсультациақәа ирылахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, аминистрра астратегиатә усеицура адепартамент аиҳабы Адгәыр Чегьиа, аинформациа-аналитикатә департамент аиҳабы Ҭимур Шьанаа, аминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба.

Ирылацәажәан ҩ-ганктәи аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәеи изаамҭанытәиу женеватәи аиҿцәажәарақәа рызҵаарақәеи.

Наҟ-ааҟгьы аинформациа рибаҭареи аконсультациақәеи ԥхьаҟагьы имҩаԥгахалоит Москвеи Аҟәеи.


Возврат к списку



Аԥсны иазкны

Аминистрра

Адәныҟатәи аполитика

Аконсултә дырраҭара

Аналитика

Разработка сайта: ait
АԥСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСКӘА РМИНИСТРРА E-mail: info@mfaapsny.org; Tel: +7 (840) 226-70-69; Adress:. Lakoba, 21