|
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Владимир Аҩӡба 80-шықәса ихыҵра идырныҳәалеитАԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны, аминистрра анапхгареи аколлективи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны Аԥсны раԥхьаӡатәи азинмчра нагӡа змоу Ахаҭарнак Владимир Аҩӡба 80-шықәса ихыҵра идырныҳәалеит. Аминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа аусбарҭа анапхгара рыхьӡала аиубилиар аҳамҭақәеи аҳаҭыртә шәҟәы ииҭеит иара убасгьы Владимир Аҩӡба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аԥсуа-аҭырқәа еизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалараҿы илагала дуқәа рзы. Владимир Аҩӡба 1994-2014шш. рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакс Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны аус иуан. Аҭоурых наукақәа дыркандидатуп, СССР ажурналистцәа Реидгыла далахәылан. |
Аԥсны иазкныАминистрраАдәныҟатәи аполитикаАконсултә дырраҭараАналитика |
АԥСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСКӘА РМИНИСТРРА | E-mail: info@mfaapsny.org; Tel: +7 (840) 226-70-69; Adress:. Lakoba, 21 |