|
Жьҭаара 14 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ, Россатрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Федченко Сергеии Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи аиԥылара мҩаԥыргеит.
«Жәларбжьаратәи афонд «Аԥсны» Ахада Сонер Гогәуа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба имаҵура ҿыц идиныҳәалеит.
Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мураҭ Џьиоев Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Даур Ақаҩба дидныҳәалеит
Жьҭаара 11 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит апресс-конференциа Женеватәи аиҿцәажәарақәа 37-тәи рраунд аихшьаалақәа иазкыз.
Адныҳәалараҟны иаҳәоит:
Жьҭаара 7 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи “OFS-9” аверсиала Аԥсны имҩаԥысуаз атурнир иалахәыз Ареспублика Афганисҭан аделегациеи реиԥылара. Краснодартәи атәылаҿацәтә уаажәларратә еиҿкаара «Афганская Община» апрезидент Рашиди Фарид Маджид-иԥа Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит апроект иаиҭаз адгыларазы.
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Инар Гыцбеи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа азинмчра нагӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Андреи Карловы аиԥылара рыман.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу азиннагӡа змоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Даур Ақаҩба дидныҳәалеит
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу азиннагӡа змоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Даур Ақаҩба дидныҳәалеит
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Виктор-иԥа Игнатиев Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Даур Ақаҩба дидныҳәалеит
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу азиннагӡа змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџаа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Даур Ақаҩба дидныҳәалеит
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа жьҭаара 4-5 рзы имҩаԥысраны иҟоу 37-тәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыҽрыладырхәырц азы Женеваҟа ицеит.
Цәыббра 27 рзы Аԥсны иазгәарҭон Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иналукааша арыцхә, Аҟәа ахақәиҭтәра 23-шықәса ахыҵра. Абри амш аҽны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Ахьӡ-аԥша апарк аҟны иҟоу Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аԥсны Ахәаахәҭа-ааглыхратә Палата иҟанаҵаз ааԥхьарала Аԥсныҟа иааиит Ареспублика Ҭаҭарсҭан АИХ аусзуҩцәа рделегациа. Авизит иахықәкны иҟоуп Аԥсны аекономикатәи атуристтәи лшара адырра.
Аҟәа, цәыббра 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа, ИАР атәылақәа рдепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ А.А. Двинианин, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рдепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Н.Е .Жуков, аимнистр иабжьагаҩ М.М. Кулахметов рԥылара. Аԥсны аганахьала аиԥылара иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ О.Н. Аршба, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа аҟәша аиҳабы Т.Р. Ҭарба.
Иҟоу аҭагылазаашьақәа инарымаданы сара аҭыԥ аманы избом ԥхьаҟагьы Адәныҟатәи аусқәа рминистрк иаҳасабала аусура ацҵара. Агәра згоит атәыла адәныҟаполитикатә хырхарҭа еиҭакхарым ҳәа. Ҭабуп ҳәа расҳәоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аренахь ацәыргаразы имҩаԥыргоз аусуразы.
Аиԥылараҿы ирылацәажәан иакымкәа азҵаарақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп лаҵара 19, 2016 шықәсазы, агәаҭаратә-хыжьратә ҭыԥ «Набакиа» иахьаҵанакуа, Баҭаигәара ақыҭаҿы Гигла Оҭхозориа ишьра, жәабран 3, 2007 шықәсазы ақалақь Гал иҟалаз араионтә алхратә комиссиа аиҳабы Давид Сигуа иӷьычра, жьҭаара 22, 2008 шықәсазы ахыхьчара аминистрра аррамаҵуҩы аподполковник Едуард Еминзадзе ишьра, 2011 шықәса ԥхынҷкәын 29 рзы Вальмер Быҭәбеи Ҭамаз Кәакәасқьырии рышьра, аҭыԥантәи аҭагылазаашьақәа рыхҳәаа.
2016 шықәса цәыббра 7 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Виачеслав Чыргбеи Аахыҵ Кавказ ашәарҭадарази аҭынчра аҭышәныртәаларази Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Анти Турунени (ООН ахаҭарнак) Хаилу Мамои (ООН ахаҭарнак ҷыда) русутә еиԥылара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба цәыббра 1 азы Приднестровие ашьаҭаркра 26-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә уснагӡатәқәа иҽрылархәразы данцоз аамҭаз Кишенев ақалақь аҳаирбаӷәазаҟны даанкылан, нас адепортациа изун.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы ашьҭит Италиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь, аҭыԥ змаз адгьылҵысра ӷәӷәа инадҳәаланы Новости 61 - 80 из 639 Начало | Пред. | 2 3 4 5 6 | След. | Конец |
Аԥсны иазкныАминистрраАдәныҟатәи аполитикаАконсултә дырраҭараАналитика |
АԥСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСКӘА РМИНИСТРРА | E-mail: info@mfaapsny.org; Tel: +7 (840) 226-70-69; Adress:. Lakoba, 21 |