aps | rus | eng | tur | de | it | ar | esp | fr


Аԥсны Аҳәынҭқарра
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра

Аимадаратә информациа:
Аҭыӡҭыԥ: 384900 Лакоба имҩа 21, ақ. Аҟәа
+7 940 996 39 48 (амоб.)
+7 840 226 39 48 (аус.)
E-mail: visa@mfaapsny.org


Гал ақалақь аҟны имҩаԥысит изаамҭанытәиу, 47-тәи аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм алахәылацәа реиԥылара
Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Даур Ақаҩбеи Витали Игнатиеви реиҧылара мҩаҧысит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҧҵан лаҵарамза 17 1993 шықәсазы – Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, Аҧсны жәлар аҟазаареи аҟамзаареи ианрыбжьагылаз аамҭазы. Усҟан Аҧсны адунеи ду иацрыганы амацәаз иҭакын, насгьы Қырҭтәыла аганахьала ҩаҧхьа абџьаршьҭыхлатәи ажәыларазы ашәарҭара ыҟан. Аха абас иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа шыҟазгьы, аҧсуа дипломатцәа хамеигӡарадатәи русура иабзоураны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусура еиҧымҟьакәа иаҿын.

Аҧсуа дипломатиа ашьақәгылараҿы анырра ӷәӷәаны иҟанаҵеит реиҳа зымҽхак ҭбаау, аҧышәагьы змоу адипломатиатә школқәа аус рыцура, уахь иаҵанакуеит: Урыстәыла, Еиду Америкатә штатқәа, Бриатниа ду, Франциа, Германиа уҳәа русбарҭақәа; иара убас ООН, ОБСЕ, ЕС реиҧш иҟоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рымадареи, аҧсуа-қырҭуа конфликт аҭышәныртәалара иалахәыз егьырҭ аиҿкаарақәа аус рыцуреи.

Ҳара ҳаприоритетқәа:

Аҧсны ашәарҭадареи аекономика аҿиареи рышьақәыргыларазы аусура;

Жәларбжьаратәи азхаҵара аиуразы аусура;

Аҳәаанырцәтәи аинвестициақәеи атехнологиа ҿыцқәеи Аҧсныҟа раагара;

Аҳәаанхыҵ инхо ҳтәылауаа рзинқәа рыхьчара.

Аԥсны иазкны

Аминистрра

Адәныҟатәи аполитика

Аконсултә дырраҭара

Аналитика

Разработка сайта: ait
АԥСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСКӘА РМИНИСТРРА E-mail: info@mfaapsny.org; Tel: +7 (840) 226-70-69; Adress:. Lakoba, 21