aps | rus | eng | tur | de | it | ar | esp | fr


Аԥсны Аҳәынҭқарра
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра

Аимадаратә информациа:
Аҭыӡҭыԥ: 384900 Лакоба имҩа 21, ақ. Аҟәа
+7 940 996 39 48 (амоб.)
+7 840 226 39 48 (аус.)
E-mail: visa@mfaapsny.org


Гал ақалақь аҟны имҩаԥысит изаамҭанытәиу, 47-тәи аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм алахәылацәа реиԥылара
Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Даур Ақаҩбеи Витали Игнатиеви реиҧылара мҩаҧысит

Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аибашьра алагара 20 шықәса аҵра

Иахьагьы иугәалашәоит ииасыз аамҭа, 20-тәи ашәышықәса ахҭысқәа, усҟантәи СССР аҵакырадгьыл аибашьрақәеи, аимакқәеи аиҿагыларақәеи ианрымҽхаркыз… А- 20-тәи ашәышықәсазы иналукааша хҭысуп Қырҭтәыла Аԥсны иаҿагылан шьакаҭәарала аибашьра. Қарҭтәи амчрақәа ахара зхароу Аԥсноуп ҳәа шьақәдырӷәӷәарц ирылшоз зегь ҟарҵон. Шеварднаӡе аханатәгьы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ар Аԥсны изалалаз еиуеиԥшым аҿыӡгақәеи амзызқәеи азиԥшаауан, хәҭакахьала атәылахьчара аминистр Т. Китованигьы иҟалаз ихараитәырц даҿын. Аха, еиуеиԥшым ақырҭуа арра- политикатә усзуҩцәа ирҳәоит аибашьра алагара иара Шеварднаӡе ихаҭа иаԥшьгамҭа акәын ҳәа. Уи зырҵабыргуа акәны иҟоуп, аԥсуа политикцәеи аҭоурыхҩҩцәеи изныкымкәа изызхьаԥшхьоу, аинралцәа З. Мамулашвили, Г. Ломинаӡе уҳәа егьырҭгьы ргәалашәарақәа.

2006 шықәса рзы сара исаҳаит Қарҭ, тираж маҷла, «хатәҭыжьырҭала» уҳәар ауртә ишҭыжьыз ашәҟәы «Адесантник-акомиссар ианҵамҭақәа». Ашәҟәы авторс даман Шеварднаӡе изааигәаӡаз ауаа ирхыԥхьаӡалаз, 1992 шықәса ианар мза инаркны маи мзанӡа Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрра аиҳабы, аинрал Леван Шарашениӡе. Абри аамҭазы иара изныкымкәа Аҟәаҟа дааны, Владислав Арӡынбеи иареи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргахьан. Л. Шарашениӡе дугәаларшәо иуҳәар алшоит хәы змам уаҩуп ҳәа, избанзар иара 1992 шықәсазтәи аибашьра зхароу ауаҩы хада иӡбахә иҳәоит, ари аибашьратә авантиураҟны зегь рҭыԥқәа рҟны иргылоит. Абар уи аибашьра алагамҭазтәи ахҭысқәа рзы ииҩуа:

«Е.А. Шеварднаӡе абарҭ аамҭақәа рзы знызаҵәыкгьы В. Г. Арӡынба диԥымлеит, егьи аиԥылара дшазыхиазгьы, Қарҭҟа анеира дшақәшаҳаҭызгьы. Сара изныкымкәа В. Арӡынба сиԥылахьан, убри аҟынтә сара ари ас шакәу шьақәсырӷәӷәоит, иара убасгьы усҟантәи аамҭазы аԥсуа напхгара Е. А. Шеварднаӡе Қырҭтәылаҟа ихынҳәра иадгылон, ргәыӷрақәакгьы идырҳәалон. Ишыҟазаалакгьы, Е. А. Шеварднаӡе ихаҭа Аԥсны анапхгара рыҿцәажәара хиртлар акәын, аха иара уи аус ирццакуамызт, аиԥыларақәагьы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыдиныҳәалон. 1992 шықәса маи- ииун мзақәа рзы сара В. Арӡынба ԥшьынтә сиԥылеит, убри азы хыхь исҳәаз зегьы еиҭашьақәсырӷәӷәоит. Ҳаиқәшәарақәа рышьҭахь сара инарҭбааны Е. Шеварднаӡе изеиҭасҳәон еибаҳҳәоз атәы, Арӡынба аиԥылара дшазыхиоу атәгьы абрахь иналаҵаны».

Иҟалап асеиԥш иҟаз аминистр-аҭынчреиҿкааҩ даҭахны дрымԥхьаӡазар, убри азы 1992 шықәса маи мзазы иара дыԥсахын акриминалтә авторитет Ҭенгиз Қиҭовани ила. Шеварднаӡе ихазы аԥсуа проблема мчрала аӡбра ахәҭаны ишиԥхьаӡаз умбарц залшом. Аха иара убри аамҭазы Москва ареакциа дацәшәон, избанзар СНГ алалара игәы иҭаӡамызт. Қырҭтәылаҟа дгьыжьырц азы Кремль аницхраауаз СНГ алалара акәын Шеварднаӡе идҵа хаданы идгалаз. Қырҭтәылатәи аҳәынҭхеилак анапхгаҩыс даныҟала, Е. Шеварднаӡе СНГ алалара азҵаара днахыкәша-аахыкәшо аргәагәара далагеит. Усҟантәи иара ихаҭыԥуаҩ Д. Иоселиани иеиҳабы СНГ аганахьала имыццакразы абас иҳәеит:

«Москва еимсар ҳара ҩ-ганктәи агәаҵәыхь ҳакуеит. Угәы иҭои?!». Шеварднаӡе ари аҭакс иҳәеит: «Аԥхьа Аԥсни ҳареи ҳаилгароуп». Аинтерес аҵоуп Л. Шарашениӡе Аԥсны ақәлараз имаз агәаанагара шышьақәирӷәӷәо ақырҭуа ҭоурыхҭҵааҩ З. Папасқьыригьы. СНГа ар Аԥсны ралагаларазы Е. Шеварднаӡе акритика изиуеит, «аҭагылазаашьа акыр еибархханы иҟан», «Қырҭтәыла анапхгара иахьынӡауала хашьклаԥшрала рхы мҩаԥыргар акәын» ҳәа иԥхьаӡоит. Абар уи ииҩуа:

«Ҳара ҳгәаанагарала аҳәынҭқарра ахада В. Арӡынба ҭелла иацәажәара мацара азимырхар акәын. Иара Аҟәа днеины, хаҭала В. Арӡынба диԥыланы, официалла Қырҭтәылатәи Ареспублика ар Аԥсны ралагалара дақәиршаҳаҭыр акәын. Рыцҳарас иҟалаз асеиԥш акгьы ҟаҵамызт, Е. Шеврднаӡе иполитикатә ԥыԥшылара иеижьеит, ҳәарада усҟантәи аамҭазы ари ашьаҿа изеихымгеит».

Аибашьратә ҭагылазаашьа ахәшьара хыркәша аиҭоит аинрал Л. Шарашениӡегьы: «Аԥсны ар алалеит авгус 14 рзы. Март 7 рзы Қырҭтәылаҟа ихынҳәыз аполитик, адипломат Е. Шеварднаӡе, арҭ ахәымз рыҩныҵҟала аибашьра аԥырҟәҟәаара изалмыршеит. Иазырхиамыз, иеиқәыршәамыз ақәгылара иара нас мап шацәикуазгьы ихацзыркыз ҳәарада Е. Шеварднаӡе иоуп».

Шеварднаӡе иавантиуратә усқәа зегьы егьырҭ, аинрал Л. Шарашениӡе даламлакәа зыӡбахә иҳәаз, еиҳа иҵаулаз апроцессқәа ирнырԥшран иҟан. 1992 шықәса рзы Қырҭтәылазы изҵаара хаданы иҟан СНГ алалара. Ари, иуҳәар ауазар, Е. Шеварднаӡе изы иреиҳау гәаҭаран. Иара, ҳәарада, ари апроблема сыӡбоит ҳәа Москва ираҳәаны, 1992 шықәса март 7 рзы Қарҭҟа дааит. Ари аԥыхьаҟагьы иҟан акрызҵазкуаз ахҭысқәа.

Ианвари феврали рзы Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Л. Шарашениӡе Москва ҩынтә Шеварднаӡе диԥылеит. Абри аамҭазы Урыстәылеи Қырҭтәылеи иара иакәын аԥыжәара иҭо, изықәкны ирымаз. Убас, 1992 шықәса февраль 14 рзы Минск имҩаԥысуан СНГ алахәыла ҳәынҭқаррақәеи атәылақәа реиҳабырақәеи рхадацәа аҩбатәи реиԥылараҟны ақырҭуа делегациа напхгара аиҭон Л. Шарашениӡе. Иара иқәгылара атекст ауха ҭелла Шеварднаӡе данизаԥхьа, дақәшаҳаҭхеит. «Ибзиоуп ҳәа ахиҳәааит, асаммит ашьҭахь Москва ҳаиқәшәарцгьы дсыҳәеит» - иҩуеит Л. Шарашениӡе. Минск ақалақь аҟны Л. Шарашениӡе х-минуҭктәи иқәгылараҟны иҳәеит: «Қырҭтәыла СНГ алалара азҵаара апарламент иаӡбоит.

Ишәасҳәарц сҭахуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟны иҟоу ЗакВО ари ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ҳшаҿу. Урҭ астатус «аоккупациатәқәа» рхаҳхит. Ҳәарада ҳара Ари Амшынеиқәатә флоти ирыҵаркуа азҵаарақәа зегь рылацәажәара ахалархәра азин ҳаманы ҳаҟазароуп.

Аҳәара ҟаҳҵоит Қырҭтәыла анапхгарақәа ԥхьаҟагьы наԥшҩык иаҳасабала СНГ аилатәарақәа рахь иаашәыԥхьаларц».

Иазгәаҭатәуп, Қырҭтәыла анапхгаҩцәа СНГ наԥшыҩцәақәак рыҳасабала иалазроуп анырҳәоз, Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа ирҭахны мамзаргьы ирҭахымкәа Урыстәыла анапхгара шыржьоз. Минскынтәи Л. Шарашениӡе даныхынҳәуаз Москва Е. Шеварднаӡе диԥылеит, СНГ асаммит аҟны иҟазгьы инарҭбааны изеиҭеиҳәеит. Иара убасҟан ауп ианазыԥхьагәарҭаз аҽа еиԥыларак, Е. Шеварднаӡе Қырҭтәылаҟа ихынҳәра азҵаара азыӡбахараны иахьыҟаз.

1992 шықәса февраль мзазы, асаммит анымҩаԥысуаз аамҭазы, Аҟәа иааит, изыхьчоз абронетехника рыцны, акапитан Г. Ҟарҟарашвили напхгара зиҭоз Қырҭтәыла амилаҭтә гвардиа аотриад. Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак еицҿакны (З. Гамсахәырдиа идгылоз ақырҭуа депутатцәагьы) ари аотриад ареспублика аҵакырадгьыл аанрыжьроуп ҳәа иқәгылеит. Милаҭрацәала еилаз Аԥсны ауааԥсыреи анапхгареи ргәыԥсахы еибазыркыз акәны иҟалеит Аҟәа, СССР еилабгаанӡа Маиак аҳаблаҟны иҟаз Урыстәыла ВДВ адесант-штурмтә баталион ақырҭуа гвардееццәа БМП-қәа ахьрырҭаз. Иахьа иеилкаауп ари зегьы СНГ Минсктәи асаммит шьаҭас иаманы ишымҩаԥысуаз, Урыстәыла анапхгарагьы Қырҭтәыла БМП-қәак аҭаны иаргәыбзыӷырц шагәҭакыз.

Февральтәи аиқәышаҳаҭрақәа инарықәыршәаны, март 2 рзы Москва имҩаԥысит аҵак ду зманы иҟаз Шеварднаӡе иԥыларақәа. Аилацәажәарақәа мҩаԥыргон Қырҭтәыла Аԥыза-министр Ҭ. Сигәуа иеиԥш СССР Адәныҟатәи аусқәа рминистр ԥхьатәа аҳәынҭқарра аиҳабык иаҳасабала Қырҭтәылаҟа ихынҳәра даарак згәы азымцоз, Қырҭтәыла Арратә хеилак алахәыла Ҭ. Қиҭовании атәылахьчара аминистр Л. Шарашениӡеи. Аха аҭагылазаашьа аҽаԥсахит Шеварднаӡеии Қиҭовании хә- сааҭктәи реиҿцәажәара ашьҭахь. Уи ашьҭахь, Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистр, СНГ атәылақәа Рырратә мчра анапхгаҩы хада Е. Шапошникови, США иҟаз Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ В. Лукини алахәны ҩ-сааҭктәи аиҿцәажәара мҩаԥысуан. Еиҭа ҽа еиԥыларакгьы мҩаԥысит: Е. Шеварднаӡеи Урыстәыла Адәныҟатәи аԥшыхәра Амаҵзура анапхгаҩы Е. Примакови еиԥылеит. Арҭ ауаа зегьы Шеварднаӡе агәра диргеит Қырҭтәыла иаарласӡаны СНГ ишалало азы. СНГ алалара акәын Урыстәыла анапхгара Е. Шеварднаӡе зыҳәара хаданы идҟарҵалозгьы. 1992 шықәса март 2 рзы Москва имҩаԥысуаз арҭ аиҿцәажәарақәа рлахәыла, Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Л. Шарашениӡе ашьҭахьы игәы иаланы иазгәеиҭон: «Арҭ аиԥыларақәа аурыс-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа рҟны акыр ԥсахра бзиақәа азыԥхьагәарҭон, аха аԥсҭазаараҟны ус изыҟамлеит.

Март 7 рзы Е. Шеварднаӡе Қарҭҟа дхынҳәит. Данаа инаркны иҳәамҭақәа рҟны инаҵшьны иазгәеиҭо далагеит Қырҭтәыла мраҭашәаратәи акурс амҩа ишықәло, СНГ ишаламло, адәныҟатәи аполитикаҟны стратегиатә партниорны США шаԥхьаӡо. Ицәгьаӡам аилкаара асеиԥш иҟаз аҳәамҭақәа Урыстәылеи егьырҭ СНГ атәыла- лахәылацәеи ишрыдыркылаз», - иажәа хиркәшоит Л. Шарашениӡе. 1992 шықәса март мза анҵәамҭазы, Кремль еиԥылеит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистри Урыстәыла авице-президент А. Руцкои, нас – ВДВ акомандаҟаҵаҩ аинрал- полковник Е. Подколзини Л. Шарашениӡеии. Аха уаанӡа Қырҭтәыла арбџьартә мчқәа ацхыраара раҳҭоит ҳәа иҳәаз аус аанкылан. СНГ алалара азҵаара шаартыз иныжьын. Қырҭтәыла аҽазышәара ҟанаҵон абџьара аиурц, аха 1992 шықәса маи 15 азтәи Ташкенттәи аиқәышаҳаҭра инақәыршәаны арратә квота зауаны иԥхьаӡаз СНГ алахәылацәа рымацара ракәын. Абрии иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла ицоз аибашьреи инарыдҳәаланы, қарҭаа рнапхгаҩцәа 220 танки, артеллеристтә системақәеи, аибашьыга самалиотқәеи аверталиотқәеи роура иақәгәыӷуа иҟамызт.

Дагомыстәи аиԥылареи, Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра аанкыларазы аӡбреи иара убасгьы 1992 шықәса ииун 24 рзтәи «Акоммиуникеии» рышьҭахь Ельцини Шеварднаӡеии еиқәышаҳаҭхеит ԥхьаҟтәи аусеицуразы. «Дагомыстәи аилаӡара» иалҵшәаны Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара Ташкенттәи аиқәышаҳаҭра еилаганы, ҷыдала Қырҭтәыла иарҭеит атанкқәеи, асамалиотқәеи егьи абџьари. Арратә техникеи аџьаԥҳани рыҭара апроцесс хыркәшан 1992 шықәса август алагамҭазы. Шеварднаӡе еиҭахгьы Ельцин агәра ииргеит 2-3 мшы рыла Аԥсны «шьа-маҷла» апроблема ааӡбаны СНГ дшалало азы.

1992 шықәса сентиабр 25 рҟынӡа Ельцин Қырҭтәыла ахада дидгылон. Абри амш аҽны Е. Шеварднаӡе Ниу-Иорк, ООН ассамблеиа хадаҟны дықәгылеит Мраҭашәарахь ацхыраара даҳәо, иҟалаз зегьы Урыстәыла иахаратәны.

Ари ақәгылареи, аԥсуаа рцәа ԥҽны рыхцәажәареи ООН аилатәаратә зал аҟны итәаз аӡәырҩы ацәыԥхашьеит. Ельцин игәахы еибакны иазгәеиҭеит «Шеварднаӡе амчхара змоу ҳәынҭқаррак дапрезидентушәа игәы иабоит аха банантә республикак аҟарагьы импыҵакым» ҳәа.

Иара убри амш аҽны, сентиабр 25 рзы аоппозициаҟны иҟаз Урыстәылатәи Афедерациа Иреиҳаӡоу Ахеилак иаднакылеит Ақәҵара «Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа инарыдҳәаланы Нхыҵ Кавказ аҭагылазаашьазы». Уаҟа иаарласӡаны Аԥсны аҵакырадгьыл аҟынтәи ақырҭуа ар алганы азакәантә мчратә органқәа ырхынҳәтәуп ҳәа адҵа ықәыргылан.

Ниу-Иоркынтәи Шеварднаӡе Москваҟа дыԥрит, аха Ельцин ихьшәашәаны дидикылеит. Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара еилыркааит қарҭаа рлидер СНГ алалара игәы ишҭамыз. Ари афактор иарҵабыргит, Б. Ельцини атәылахьчара аминистр П. Грачиови иднарбеит Шеварднаӡеии Қиҭовании Урыстәылатәи арратә цхыраара ахархәара мацара рыҽшазыршәо. Абас ала, 1992 шықәса сентиабр анҵәамҭа инаркны Урыстәылатәи аиҳабыра Қарҭ разыҟазаашьа аҽаԥсахит.

1992 шықәса октиабр мзазы, Гагра ақырҭуа ар аналырца ашьҭахь, Аԥснытәи амчрақәа рхылаԥшра иаҵадыркит Ԥсоу аӡиас ахықәалатәи Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа. Абри аамҭазы аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаԥсахит. Қырҭтәыла аҳәынҭхеилак иаӡбеит «Аԥсны активла аибашьрахь аиасра». Абри инадҳәаланы, аибашьра ианалага ашьҭахь ҩымз ааҵуаны, октиабр 22 рзы аинрал Шарашаниӡе Шеварднаӡе изишьҭит аибашьра азҵааразы инарҭбаау анҵамҭа. Иара, Қырҭтәыла ахада игәы иҽаниҵеит иззымхәыцкәа, иааинырслан иӡбоу аусмҩаԥгатәқәа лҵшәас ироур алшо азы. Инарҵауланы ари анҵамҭа сазааҭгылом, ус иазгәасҭоит автор ииҳәо: «иахьатәи аамҭазы аҭагылазаашьа аӷа изы еиҳа ифеиданы иҟоуп», «иара иаԥиҵоит ақәыларатә гәыԥқәа». Шарашениӡе далацәажәоит Аҟәа амацәаз аҭакреи Очамчыра ақалақь ақәлареи алшар ҟалоит ҳәа. «Ақырҭуа ган амчрақәа иахьазы иеиҿкаам, иааинырсланы еибыҭоуп, иаку анапхгара рымам», - ҳәа азгәеиҭоит Л. Шарашениӡе. Иагьыҟаиҵоит ажәалагала: «Гәдоуҭатәии Тҟәарчалтәии ахырхарҭақәа рҟны иазыԥхьагәаҭоу ақәылара 2-3 мшы иаанкыланы Аҟәа ахьчара хра азузааит» ҳәа. Еиуеиԥшым алабжьарақәа рҟны иҟоуп аекологиатә хырхарҭа змоу, иџьоушьаша акгьы: « Қырҭтәылатәи атехникатә университети егьырҭ анаукатә центрқәа рҵарауааи алархәны ахырхарҭа зҭоу аԥжәарақәа ахрархәара азырхиатәуп, иахәҭаны ианыҟало аамҭазы аиҩхаақәа рҟны аԥжәарақәа мҩаԥгатәуп ашьхақәа рҟынтә аҳәынҵәаршьшьы дәықәлартә еиԥш». 1992 шықәса октиабр анҵәамҭазы ақырҭқәа хықәкны ирымаз масштаб – ҭбаалатәи ақәылара мап ацәыркит, аха ирыдгалаз аусмҩаԥгатәқәагьы ахархәара рыҭамызт, азгәеиҭоит Л. Шарашениӡе.

Ишдыру еиԥш, 1993 шықәса ииуль 27 рзы Шәача анапы аҵаҩын аибашьра аанкыларазы Аиқәшаҳаҭра. Шарашениӡе ари аиԥылара далахәын Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрра абжьагаҩ хада иаҳасабала. «Шәазхьасырԥшырц сҭахуп, - иҩуеит иара, - Шеварднаӡе Аԥсны ацәыӡра аԥырҟәҟәааразы Урыстәылатәи ар рхархәара шизалмыршаз».

Иарбан хархәароу зыӡбахә имоу Л. Шарашениӡе? Аурыс ган Қарҭаа ирыдыргалазаап Аҟәа Урыстәылатәи аполкқәа ҩба рыргылареи, Шәачантәи Еидҵоу Ахылаԥшратә Комиссиа аштаб Аҟәаҟа аиагареи, БМП- қәа 30 зцу абатальон ақалақь алагалареи.

Аинрал игәаанагарала арҭ аусмҩаԥгатәқәа ирылдыршон Аҟәа аиқәырхара, аха ақырҭуа ган арҭ ажәалагалақәа мап рцәыркит. «Шеварднаӡе уи алимыршар акәын» - иҳәоит Л. Шарашениӡе.

Настәи гха дуны аинрал иԥхьаӡоит 1993 шықәса сентиабр мза аҩбатәи азыбжазтәи ахҭысқәа. Иара иажәақәа рыла иубоит Аԥсны аҟазаареи аҟамзаареи ахықә аҟны ишықәгылаз. Ҳашьҭахь ихҩам аилахәаахәҭра цон: Қырҭтәыла еиҭах иадыргалон, Аԥсназы - СНГ алалара.

Анцәа иџьшьаны аҳәынҭқарра дуқәа ауарҳалҵаҟатәи рыхәмаррақәа иззыԥшыз алҵшәақәа аарымгеит. Аобиективтә ҭагылазаашьақәа еиуеиԥшым асубиективт́ гәазыҳәарақәа иреиҳахеит. Шәара шәхала шәазхәыци ус акәымзар. Ишеибгоу иаазгоит урҭ ахҭысқәа лабҿаба ирылахәыз ауаҩ иажәақәа:

«Еиҭахгьы иара (Шеварднаӡе) игха дуны ихьыз, - иазгәеиҭоит Л. Шарашениӡе, - сентиабр 16 рзы сареи атәылахьчара аминистр Г. Ҟарҟарашвилии Москва, Урыстәыла атәылахьчара аминистр П. Грачиов иҟны ҳаҟан. Аиԥылара бзианы имҩаԥысит. Грачиов абџьари, атехникеи шәаҳҭоит, аԥсуа ган аибашьра ааннакыларц азы аҭагылазаашьақәа ҟаҳҵоит ҳәа иҳәеит. Ахәылбыҽха Ҟарҟарашвили Қарҭҟа дыԥрит, сара Москва саанхеит аинрал-полковник Галкини сареи Урыстәылатәи ар Қырҭтәыла рыстатус аԥҟара азҳархиарц азы. Абри аамҭазы сара Урыстәылатәи ар амадаразы атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс сыҟан.

Сентиабр 17 рзы аԥсуа ган аинышәаразы Шәачатәи аиқәшаҳаҭра еилаганы, Очамчыратәи ахырхарҭаҟны аибашьра хацдыркит. Мышк ашьҭахь – Аҟәатәи ахырхарҭаҟынгьы, - иҩуеит Л. Шарашениӡе.

Е. Шеварднаӡе Москваҟа аҭел дысзасны дсыҳәеит П. Грачев дыԥшааны аԥсуа ган аанкыларазы аусмҩаԥгатәқәа идикыларц иасҳәарц. Абри амш азы Грачев агоспиталь дҭан, аха ауха аҵх акыр цахьаны Аоперативтә усбарҭа хада аиҳаби иареи Адлерҟа иԥрит. Сентиабр 18 рзы Е. Шеварднаӡеии, атәылахьчара аминистр Г. Ҟарҟарашвилии, ашәарҭадара аминистр И. Батиашвилии Грачеви еиԥылеит. Ари аиԥылараҟны Грачев Псковтәии Тулатәии Аҳауатә-десанттә дивизиақәа ҩба Қырҭтәыла ралагаларази нас урҭ руак Азербаиџьанҟа аиагарази (азербаиџьантәи аган уи иақәшаҳаҭын) ажәа рыдигалеит.

Аха ари ажәалагала Г. Ҟарҟарашвили мап ацәикит, ари Қырҭтәылазы оккупациоуп, ус иҟалар ԥхьатәара сцоит иҳәеит, Е. Шеварднаӡегьы уи ақәҿимҭӡеит. Иара убри алагьы Урыстәылатәи ар Қырҭтәыла алагалара мап ацәикит. П.С. Грачев Адлерынтәи даныхынҳә, аштаб хада аиҳабы М.П. Колесников ишиаҳауаз абри зегьы сзеиҭеиҳәеит ҳәа азгәеиҭоит Шарашениӡе. …Сара иаразнакы Шеварднаӡе сизасит, исарҳәаз иасҳәеит, аха иара исыдиҵеит, иазырхиоу, Аахыҵ Кавказ аҟны Урыстәылатәи ар рыстатус азы апроект сыманы, ԥшрада Аҟәаҟа сыԥрырц. Сентиабр 19 ауха, аамҭа акыр цахьаны, Аҟәа сааит. Ақалақь акалҭқәа рҟны аиҿахысрақәа цон. Иаку напхгараҭарак ыҟамызт…

Аҵх абжа инахысхьаны Е. Шеварднаӡе иҟны снеиит. Урыстәылатәи аган зқәышаҳаҭыз Аахыҵ Кавказ аҟны Урыстәылатәи ар рыстатус азы апроект исырбеит, сагьиҳәеит П. Грачев иажәалагала –адивизиақәа ҩба Қырҭтәыла алагалареи СНГ алалареи дрықәшаҳаҭхарц. Аҽа мшқәак ҳааԥшып, – иҳәеит Шеварднаӡе. Ииасит хымш, сентиабр 23 рзы Шеварднаӡе дақәшаҳаҭхеит Аԥсны адесант дивизиа алагалара, дагьсыҳәеит Грачев сизасны уи атәы иасҳәарц. СНГ алалара маҷк ҳааԥеиԥшып- иҳәеит еиҭахгьы Шеварднаӡе.

Аамҭа акыр инеихьан азы Грачев аҽимадара сзалмыршеит, сзацәажәаз аштаб аиҳабы М. Колесников данысзыӡырҩ ашьҭахь «аамҭа цеит, солдаҭ заҵәык иакәзаргьы иҭыԥ даҳзахыгом» иҳәеит. Сентиабр 21 рзы Аҩны шкәакәа аԥхьа ақәгыларақәа ирылагахьан, Ельцини Хасбулатови еиҿагылан… Абас ала Аԥсни зықьҩыла аԥсҭазаарақәеи ҳцәымӡырц азы аҽа шанскгьы ҳарӡит.

Сентиабр 24 рзы, урыстәылатәи адивизиақәа ҩба Қырҭтәыла ралагаларазы Шеварднаӡе дызқәышаҳаҭыз апроект сыманы Москваҟа сыԥрит. Иара убри аҽны сиԥылеит аштаб хада аиҳабы М. Колесников, Грачев ихьӡалагьы ашәҟәы исҭеит. Абри ашәҟәы аҟны, сентиабр 24 рзы, аинрал Л. Шарашениӡе Е. Шеварднаӡе инапынҵала Урыстәыла атәылахьчара аминистр диҳәон Қарҭаа уаанӡа мап зцәыркхьаз 1993 шықәса сентиабр 17 рызтәи аплан ахь ахынҳәреи иаарласӡаны «Аԥсны ашьакаҭәара аанкыларазы» анагӡара иалагарци. Аха аамҭа ииашаҵәҟьаны ицахьан.

Ус шакәызгьы, сентиабр 26 1993 шықәса рзы Е. Шеварднаӡе Б. Ельцини, В. Черномырдини П. Грачеви рахь ашәҟәы ишьҭуеит. Убри ашәҟәы аҟны раԥхьаӡа акәны Қырҭтәыла ахада СНГ алалара дақәшаҳаҭхоит. Аинтерес аҵоуп ари аҭоурыхтә шәҟәы Шеварднаӡе Аҟәа политикатә шасык иакәны даныҟаз иахьиҩыз. Иара ԥхыӡгьы ибар ихеиҵомызт ҭҟәак иеиԥш Урыстәыла анапхгара Қырҭтәыла зегь аиқәырхара акәым ихатә ԥсҭазаарагь еиқәдырхарц дрыҳәо аҭагылазаашьа иоуп ҳәа. «Аҟәа аҭагылазаашьа бааԥсӡа ҟалеит, ақалақь каҳарц егьагым. Амҩақәа рҟны напышьашәала аибашьра цоит, хара здым ауаа шәҩыла аҭахара иаҿуп – иҩуеит Е. Шеварднаӡе ақалақь ахақәиҭтәра мышк шагыз. – арыцҳара бааԥс ҟамларц азы мҩа заҵәык ауп иҟоу. Аццакра зегь аӡбоит. Уаҵәы ихьшәахоит, избанзар иахьа, абарҭ аминуҭқәа рзы атәыла аразҟы ӡбахоит.

Хыхь исҳәаз инамаданы, Борис Николаи-иԥа, сшәыҳәоит Қырҭтәыла еиқәшәырхарц. Адырра шәысҭоит, уажәазы уи аҵакы аманы иҟазар, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара алалара сшазыхиоу. Ҳара ҳақәшаҳаҭуп Шәачатәи аиԥылараҟны Грачев иҳадигалаз арратә хәҭақәа аимак азонахь ралагаларагьы. Сшәыҳәоит иаарласӡаны аӡбара шәыдышәкыларц. Ари сареи сыжәлари аҵыхәтәантәи ҳгәыӷроуп. Ҳаҭырлеи гәыӷрылеи Е. Шеварднаӡе». Аха ари аӷьаҵәыӷьаҵәра ҭак ҳәа акгьы амоуит. Ҳәарада еилкаауп, Қырҭтәыла аханатә, (1992 шықәсафевраль-март азы) СНГ иалалазҭгьы аибашьра алкаақәа аҽакала ишыҟалоз. Еиуеиԥшым апланқәеи аҭагылазаашьақәеи ирхьымԥшыкәа Аԥсны мчрала еиҟарамыз аиҿагылара иааиҩык акәны иалҵит. Аԥсуаа ржәылареи (1993ш. сентиабр 16-30) Москва апарламент аиеихсра ала ихыркәшахаз Урыстәылатәи акризиси (сентиабр 21- октиабр 4) еиқәшәеит. Абас ала Урыстәыла СНГа ахатәы проблемақәа азцәырҵит, Ельцин иакәзар ихаҭа амчра дазықәԥон, Аҟәа иҭахкааз Шеварднаӡе иаха имамызт.

Аԥсны данаҵаха, уаҳа ԥсыхәа имамкәа даныҟала, Шеварднаӡе Москваҟа дыԥрит. 1993 шықәса октиабр 8 азы Ельцин дырԥылеит Ермантәылеи Азербаиџьани Қырҭтәылеи рпрезидентцәа. Адырҩаҽны, октиабр 9 азы Қырҭтәыла Урыстәылатәи арратә базақәа рыҟазааразы (Пуҭгьы абрахь иналаҵаны) аурыс-қырҭуа еиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩны Қырҭтәыла СНГ иалалеит. Урыстәылатәи ар хылаԥшра азыруа иалагеит Пуҭ-Самтредиа-Қарҭ аихамҩа. «Ианаамҭаз иҟаҳамҵаз ҟаҳҵеит зықьҩыла ауааи аҵакырадгьыл акзаареи анаҳцәыӡ ашьҭахь» - иҩуеит Л. Шарашениӡе. Абас ала Аԥсны ахьыԥшымра аиуит, Қырҭтәыла аамҭала Урыстәыла аныррахь ииасит.

Гханы иҟалоит СНГ аганахьала Е. Шеварднаӡе иаҿаршәны имапкра дахькылнагашаз изеилкаауамызт ҳәа аҳәара. Политикк иаҳасабала иара ашәарҭара ихы ҭаиргылон. Избан? Избанзар, Шеварднаӡе акырҵуан Москва ақәыршаҳаҭны иара Қырҭтәылаҟа ирхынҳәраз аӡбра здызкылахьаз США аиҳабыра дрыдҳәалеижьҭеи. Арҭ рҩызцәа амаӡақәа ртәы аинрал Л. Шарашениӡе иабеидыруаз. Убри инадҳәаланы имаҷҩны ирдыруа фактк иазхьаԥштәуп. 1992 шықәса февраль мзазы, Шарашениӡе Минск СНГ асаммит аҟны данықәгылаз Шеварднаӡе США дцеит. Абри ивизит аан аилак «Brock group Ltd» иареи Қырҭтәыла аекономикатә еиҭаҿиара астратегиатә концепциазы, Амшын Еиқәа аҟны анефҭ терминалқәа рҳа арҭбаареи, амшынтә баӷәазақәа Ԥоҭи Баҭыми реиҭарҿыцреи, Баҭымтәи аҳаиртә баӷәаза дунеижәларбжьаратәны аҟаҵареи реиԥш зҵазкуаз аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит. Иазгәаҭатәуп: усҟантәи аамҭазы Шеварднаӡе иарбанызаалак документк, аиҳаракгьы – адунеижәларбжьаратә документ инапы аҵаиҩыртә Қырҭтәыла дахаданы дшыҟамыз, аха ари апроблема маӡала аӡбра аиоухьан. СССР аминистр ԥхьатәа Вашингтонтәи аполитика-дипломатиатә дгылара аиура илиршахьан. Абас ала Шеварднаӡе ҿыц иаартыз азербаиџьантәи анефҭҵхырҭақәа рыкәша-мыкәша ахәмаррақәа ихы рылаирхәит. Ари, 1994 шықәсазы иаартны официала зыӡбахә ҳәаз, Урыстәыла иахыкәшаны, Мраҭашәара астратегиатә планқәа: каспитәи анефҭресурсқәа рызнеира алзыршоз, ԥхьаҟатәи анефҭмҩангага Бақәа-Қарҭ-Џьеихан ашьҭаҵара иаԥхьанеиуаз усын.

Асеиԥш ԥхьаҟатәи ахықәк дуқәа: Урыстәылатәи апроект – Қырҭтәыла СНГ адҳәалара, иаҵанакуамызт, США аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Џь. Беикер 90-тәи ашықәсқәа рылагамҭаз Америкатәи адәныҟатәи аполитикаҟны Урыстәыла аԥыжәара аман иҟоуп ҳәа шиҳәазгьы. Ельцин иусбарҭа, зны-зынла, апатриоттә мчқәа рныррала аԥандарақәа рулон, аиҳаракгьы ирзааигәаз агәылара тәылақәа рахь. Шеварднаӡе ари азыԥхьагәеимҭеит, США-и Мраҭашәара зегьи дрықәгәыӷцәеит, Урыстәылатәи афактор зынӡагьы аххәыцра игәы иҭаӡамызт. Ихымҩаԥгашьа Ельцини, арра маҵурауааи апарламенти ҳәарада иаргәамҵуан. Абарҭ ирылҵшәаны Қырҭтәыла аҵахеит, Шеварднаӡе ихамаԥагьарагьы ааха аиуит…

Демократиала иалхыз апрезидентцәа Ельчибеии Гамсахәырдиеи ирҿагылан Азербаиџьани Қырҭтәылеи имҩаԥысыз амчра ааҳәрақәа адунеижәларбжьаратә уаажәларра ирымбазшәа ҟарҵеит. Арҭ аарҳәрақәа, бельгиатәи аҭҵааҩцәа Ерик Римакли Оливие Пеии ргәаанагарала «аҳәынҭқарра дуқәа, аиҳарак Урыстәыла, азы иманшәалан».

Абри инадҳәалан агәаларшәара еинтересуп иахырҳәаз Апрезидент З. Гамсахәырдиа иажәақәа: «Иуҳәар ауеит Қырҭтәыла анапхгара рахҳәара Буш дақәшаҳаҭын, Беикер хаҭала далахәын ҳәа».

Абри аус аҟны аганахь иаанымхеит Урыстәылатәи анапхгарагьы, урҭ арра- техникатәи афинанстәи цхыраара ҟарҵон. Америкаа Шеварднаӡе ацхыраара ду риҭеит, зегь раԥхьа инаргыланы СССР аилаҳараҿы, Германиа аидҵараҿы, асовет ар ГДР ралгараҿы, абиоресурсқәеи аенергоныҟәгагақәеи рыла ибеиаз, 50кв.км инаӡоз Берингов имшынԥшаҳәа америкаа рыҭараҿы у.у.е. Убри азоуп мраҭашәаратәи атәылақәа рхадацәа Шеварднаӡе Қарҭҟа ихынҳәра изеигәырӷьоз, иагьзацхраауаз. Қырҭтәыла иаразнак адунеижәларбжьаратә ҭахкаара иалҵит, 30 инареиҳаны аҳәынҭқаррақәа ихьыԥшым тәыланы иазхарҵеит, США-еи Канадеи акредит дуқәа аҭара иақәшаҳаҭхеит. Уи инахырҳәҳәангьы Аахыҵ Уаԥстәыла ицоз аибашьра иазхьамԥшыкәа Қырҭтәыла 1992 шықәса март 24 рзы СБСЕ (уажәтәи ОБСЕ) иалалеит, ииуль 31 рзы, Аԥсны аибашьра алагара ҩымчыбжьа шагыз ООН иалахәылахеит. Арҭ аҿырԥштәқәа ишудырбо ала Мрагыларатәи атәыла нагақәа имҩаԥырго «ҩ-стандартк» рполитика араҟа иҿаҿаӡа иааԥшит.


Возврат к списку

Аԥсны иазкны

Аминистрра

Адәныҟатәи аполитика

Аконсултә дырраҭара

Аналитика

Разработка сайта: ait
АԥСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСКӘА РМИНИСТРРА E-mail: info@mfaapsny.org; Tel: +7 (840) 226-70-69; Adress:. Lakoba, 21